Арадио

Ҷокәуа: ҳахьааз ҳаҟоуп, ҳадгьыл бзиа иаабоит

Ҳазҭоу ашықәс азы 30 шықәса ҵит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, рхәыцрақәа.
Sputnik
Леон иорден занашьоу Музаффер Ҷокәуа раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааит иԥсадгьыл ахьчараз. Иара Ҭырқәтәылантәи иааз аибашьцәа раԥхьатәи агәыԥ дрылан. Арадиоефир аҿы игәалаиршәеит Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа шиаҳаз, иан итәылауаҩшәҟәы зылҵәахыз, анаҩс иџьынџь аҿы ишьапы шықәиргылаз.
Музаффер игәалаиршәоит Ҭырқәтәыла аԥсуаа реиланхарҭақәа рҿы ишеиҿцаауаз, сасра ишныҟәоз, ацәгьеи абзиеи шырзеилаз. Раԥхьаӡа акәны иашьа Аԥсныҟа даахьан аибашьра ҟалаанӡа. Усҟан мызкы ара инхоз аҷкәынцәа хынҳәны Ҭырқәтәыла ианнеи аԥсуаа рынхашьа атәы рзеиҭарҳәон, аԥсуаа нхоит ҳәагь ҳаздыруамызт ҳәа еиҭеиҳәоит Музаффер.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.