Арадио

Ҷыҭанаа Китаинтәи аҭәаҵлазы иаагоу ахәшә иазкны: агәыӷра узҭо акәны иҟоуп

Лыхнашҭатәи аҭәаҵла иазыҟаҵоуп Китаинтәи иаагаз ахәшә. Избан уи хәарҭахоит ҳәа изырԥхьаӡо аҵарауаа, насгьы ишԥалыршахеи ахәшә аагара, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аекологиазы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
Sputnik
Аиҿцәажәара алагамҭаз иара еиҭеиҳәеит китаитәи ахәшә аӡбахә шраҳаз, насгьы уи аагаразы ацхыраара рызҭаз.
"Аԥсны атеплицақәа рымоуп Китаинтәи гәыԥҩык. Урҭ аԥсуаа рыцны иааит ҳара ҳҿы, аҵла аус шадулатәу еиҭарҳәарц, уи иахәаша ахәшә шыҟоу рҳәеит. Аҵла иамоу ахәра иахҟьаны хыхьтәи ахәҭахьы изнеиӡом адацқәа ихаргало афатәи аӡыи. Уи иахәҭоу амаҭәашьарқәа аиурцаз иаҭахуп акапельница ҳәа ҳарҳәеит. Ҳаргьы уи агәра ҳгеит. Аҷкәынцәа Пекинтәи аинститут аҟынтә ахәшә аҿарҵеит. Иара Пекин инаркны Москванӡа иааит ҳаирла, анаҩс дәыӷбала Аԥсныҟа иааган. Китаитәи аҷкәынцәа иаҭахыз зегьы дара рнапала иҟарҵеит, убри аан уажәы-уажәы Китаиҟа иасуан, ирыҵарҳәон", – ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.
Иара иажәақәа рыла аҵла абӷьы аптра иалагеит, уи уаанӡа иалаз аӡоуп иҟазҵаз, уажәы иахәҭоу амаиур, иҩар алшон.
"Уажәтәи ацхыраара иабзоураны аҵла хәыҷык аԥсы еивнагоит, анаҩс уи аԥхьа аихаҳаҩцәа иҟарҵаз рус алҵшәа аиуаанӡа инеиртә еиԥш. Мчыбжьык ашьҭахь еиҭа ицаны ахәшә аларҵоит", - ҳәа иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.