Акультура-гәыҳалалратә Фонд "Ашана" есышықәсатәи иаарту аихшьалатә еизара ду мҩаԥыргеит. Шьҭа итрадициахаз афонд аусура алкаақәа рыҟаҵара рҽаладырхәит ҳазҭысыз ашықәс иалагӡаны мацара акәымкәа, афонд еиҿкаауижьҭеи 11 -шықәса рыҩнуҵҟа рџьабаа рыцеиҩызшо, иарӷьажәҩаны ирывагылоу рпартниорцәа. 2022-шықәсазы афонд иалнаршаз апроектқәеи апрограммақәеи дырзааҭгылеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
"2022 шықәса иалагӡаны афонд 62-ҩы ахәыҷқәа ацхыраара рынаҭеит. Урҭ иахысит еиуеиԥшым амедицинатә курсқәа, Ҭырқәтәыла, Ермантәыла, Урыстәыла. Ашықәс иалагӡаны еизган 16 миллион мааҭ инареиҳаны. Афонд аусуразы, еиуеиԥшым акциақәа рымҩаԥгаразы ҳпартниорцәа рҟнытә инеит 3 миллионк мааҭ. Иааидкыланы 20-ҩык ҳамоуп. Иҟоуп апартниорцәа ԥарала ацхырара ҳаӡҭо, иҟоуп дара ирымоу алшарақәа рыла ацхыраара ҳазҭогьы. Иҟоуп аинформациатә дгылара ҳазҭогьы уахь иаҵанакуеит Sputnik, дара зегьы иранашьан аҳаҭыртә дипломқәа. 16 миллион мааҭ, жәеиза шықәса ирылагӡаны иаҳзеизымгацызт, ари иреиҳау хыԥхьаӡароуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Мактина Џьынџьалԥҳа илгәалалыршәеит аханатә аусура аиҿкаара шыуадаҩыз, ахәыҷқәа ачымазаҩцәа рыӡбахә аҳәара, иаартны аԥара аизгара аус ҿыц барах ишырбоз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.