Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи артиллериа Донецктәи ахырхарҭаҿы 69 усдҵа нанагӡеит

Артиомовск ақалақь мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аибашьра шцац ицоит,Красное, Часов Иар, ДЖәР Предтечинои рыҟны Украина арбџьармчқәа рыҟәшақәа ааха рыҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Артиомовск иахьаҵанакуа ар ргәыԥ "Южная" артиллериа аҿаԥхьа иқәгылаз 69 усдҵақәа нанангӡеит уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа, авиациа аантәи аӷа ихылеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа иҭархоуп 310-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа хԥа, РСЗО "Град", агаубица "Мста-Б", артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭара.
Алада –Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иқәыцҟьаауп УАМ амеханизациа зызуу 65-тәи абригадеи 44-тәи артиллериатә бригадеи рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба, иҭархоуп 90-ҩык украинатәи асолдаҭцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, х-пикапк, агаубица "Мста-Б". Херсонтәи ахырхарҭаҿы – УАМ 10-ҩык асолдаҭцәеи ҩ-автомашьынаки.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атәылахьчара аминистрра: еидҵоу украинатәи ар ргәыԥ "Бахмут" аштаб ааха аҭоуп
Купиансктәи ахырхарҭаҿы адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ԥшьба ржәылара аԥырҟәҟәаауп, иԥжәоуп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, ишьуп 60-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьына, х-автомашьынак, агаубица Д-20, артиллериатә шьақәгыла "Акация".
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы –55-ҩык аибашьцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, ҩ- пикапк, агаубица Д-20, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи иҭадырхеит 94 артиллериатә ҟәша, 135 раион рҿы – ари атехникеи. Иԥжәоуп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа Константиновка иахьаҵанакуа.
Аҳауахьчаратә мчқәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактив хгәыцәқәа хԥа, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа хԥа.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 411 ҳаирплан, 228 верталиот, 3782 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 415 зенит-ракетатә комплекс, 8773 танки акәылӡымашьынеи, 1091 ареактивтә системақәа, 4633 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 9650 ак автомобилтә техника.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Владимир Путин аоперациа ҷыда ахьцо аҭыԥқәа рҿы арратә штабқәа дырҭааит