Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа арратә техника аԥхынтәи арежим ахь ииарго иалагеит

Аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит арбџьармчқәа ртехникатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу агәаҭаразы, аԥхынразы ишақәнагоу аус руртә реибыҭаразы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа арратә техника аԥхынтәи ахархәара ианаало арежим ахь ииарго иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ арратә база апресс-маҵзура.

Аруаа идырҽеиуеит атанкқәа Т-72Б3, акәылӡытранспортиорқәа БТР-82АМ, акәылӡымашьынақәа Су-100 ирықәгылоу зыхгәыцә аҿыгҳара 152-мм иҟоу ахаланыҟәа гаубицақәа "Акациа".

Еиҿкаауп 30 рҟынӡа ҳаамҭа иақәшәо иҷыдоу атехникатә маҵзураҟаҵарҭақәа. Аусурақәа мҩаԥыргоит атехника еснагьтәи рыргыларҭақәа рҿеиԥш, ашьхараҿы иҟоу ахысырҭадәқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿгьы.