Аԥсны

Дбарԥҳа: аҳазалхратә шәарақәа рыҿҳәара иахьнахаз анаплакыҩцәа ирыхәоит

Ахәԥсацҵазы ашәахтә азы азакәан ахь аиҭакрақәа Жәлар Реизара адепутатцәа иаларгалеит ахаша, мшаԥы 19 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аҳазалхратә шәарақәа рыҿҳәара иахьнахаз анаплакыҩцәа ирыхәоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аекономист, анаплакҩы Лили Дбарԥҳа.

"Ҳәарада, сара сгәы иахәеит анаплакыҩцәа аҳазалхратә шәарақәа ршәаразы хымз аҿҳәара иахьрызнахо. Ари акыр шықәса зыӡбахә ҳҳәоз зҵаароуп. Хымԥада, уи анаплакыҩцәа рзы ихәарҭахоит. Зегьы ргәы иахәоит сгәахәуеит", - лҳәеит Дбарԥҳа.

Лара лгәаанагарала, 2016 шықәса рзы иццакцәаны ирыдыркылаз Ахәԥсацҵазы ашәахтә азы азакәан абизнес-еилазаара ирнааломызт, иргәамԥхеит, дара ашәахтәқәа аԥҟара ҿыцқәа инарықәыршәаны иршәалар акәхеит.
“Раԥхьа ирыдыркылаз азакәан аредакциа анаплакыҩцәа ирнааломызт азы, аиҭакрақәа акакала иаларгало иалагеит, аха уи аус еиҳагьы иаԥырхагахеит, аишьҭагылашьақәа еиланагеит. Хазы игоу анаплакыҩцәа ирышьашәалаз аларгалеит, аха еиҳараҩык уи рзеицәахеит. Еиԥхьытта иҟалеит. Убас, азакәан иааидкыланы акәымкәа, џьара-џьара иналак-аалакны ак аналоугало, уи аус еиҳагьы еиланагоит. Убри азы иақәнагоуп зегьы ирзеиԥшны, еилыркааратәы иҟалаша азакәан адкылара", - лҳәеит аекономист.
Аԥсны
Аԥсны аҳазалхратә закәанеидкылеи ашәахтәцҵеи азакәани аԥсахрақәа рылагалоуп
Ашәахтәцҵазы азакәан ахь аиҭакрақәа Апарламент адепутатцәа иаларгалеит ахаша, мшаԥы 19 рзы имҩаԥысыз аилатәараан.
Уажәшьҭа Аԥсны Аиҳабыра ишьақәнарӷәӷәоит зыҭираҟынтәи ашәахтәшәара зқәырхуа атауарқәа рсиа. Иара убас ашәахтә рхырхлоит атауарқәа, Аҳазалхратә закәанеидкыла инақәыршәаны зганахьала ашәарақәа рыҿҳәара ишнахоу шьақәзырӷәӷәо адокументқәа рышьаҭала.
Аҿҳәара инахоит ашәахтә азеиԥш ахәԥса 50 нызқь мааҭ еиҳазар, уи азы адекларациа рыдыркылеижьҭеи хымз еиҳамхароуп.