Аԥсны

Актәи Жәларбжьаратәи амедицинатә форум аатит Аҟәа

Актәи амедицинатә форум иалахәуп урыстәылатәи академикцәа, апрофессорцәа, амедицинатә ҭҵаарадырра акандидатцәа, Аԥсни Урыстәылеи амедицинатә хеилакқәа рхаҭарнакцәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Актәи Жәларбжьаратәи амедицинатә форум аатит мшаԥы 24 рзы, Аҟәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа афорум алахәылацәа рыхьӡала ашәҟәы наишьҭит, уи ихьӡала анашьҭымҭа даԥхьеит Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.

"Иахьатәи аамҭазы Аԥсны анхареи, аԥсшьареи, ареабилитациеи рзы иреиӷьу ҭыԥуп ҳәа ишьоуп. Ари азы аус ду мҩаԥган, инарҵауланы иҭҵаан ашықәснҵыра афеномени, аҵакыра афизико-географиатә лшарақәеи, ареволиуциа ҟалаанӡеи асоветтә шықәсқәеи рзы акурорт-реабилитациатә хыбрақәа рыргылареи рырҿиареи", - аҳәоит ахада инашьҭымҭаҿы.

Бжьаниа иҳәеит афорум апрограмма аҿы ҷыдала ишазгәаҭоу ареабилитациеи, асанатор-курорттә ҿиареи, ауааԥсыра ргәабзиара ахьчареи атемақәа.
"Урыстәылатәи аҟазаауаи, амедицинатә усбарҭақәеи, аколлективқәеи алархәны Аԥсны абарҭ ахырхарҭақәа рыҿиара алшоит, уи иаҭахны иҟоуп. Афорум аилазаарала ишьақәнарӷәӷәоит амедицина аҿиаразы алшарақәа шыҟоу", - иҳәеит Бжьаниа.
Актәи амедицинатә форум мҩаԥысуеит Аҟәа мшаԥы 24-25 рзы.
Актәи Жәларбжьаратәи амедицинатә форум аатит Аҟәа