Аԥсны

Ахаҵа аахақәа иоуит амцакра иахҟьаны

Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҟны ауаҭах амца акит мшаԥы 23 ауха.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Аҳабла ҿыц аҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны ахаҵа аахақәа иоуит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Мшаԥы 23 ауха Агрба амҩаҟны ауаҭах амца акит. Аҩны иҟаз ахаҵа агазхәаҽтә иԥырхагахеит, иара ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаган.
Амца дырцәон амцарцәаҩцәа ргәыԥқәа ҩбеи аиқәырхаҩцәа ргәыԥи.