Аԥсны

Аслан Бжьаниа агеноцид зызуз аерман жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо аерманцәа мшаԥымза 24 аҽны иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы миллионки бжаки рҟынӡа рыжәлар аннырҵәаз ахҭыс.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агеноцид зызуз аерман жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳара иахьа иаҳгәалаҳаршәоит 108 шықәса раԥхьа хамшҭыхә зхызгаз ауаа. Харада иҭархаз ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит", - ҳәа аҳәоит ахада инашьҭымҭа.
Адунеи ахы-аҵыхәа инхо аерманцәа зегьы мшаԥымза 24 рзы иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы аҭыԥ зауз арыцҳара ду, шәышықәса раԥхьа миллионки бжаки рҟынӡа аерман милаҭ уахыки-ҽнаки рыла ишнырҵәаз.
1914 шықәса рзы адунеи аҟны инхон 4,1 миллионҩык аерманцәа. 2,1 миллионҩык нхон Османтәи аимпериа иахьаҵанакуаз, 1,7 миллион — Урыстәыла, 100 000-ҩык —Персиа, 200 000-ҩык егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны.
1915–1923 шықәсқәа рзы Османтәи аимпериаҿы инырҵәан 1,5 миллионҩык, иблын 60 рҟынӡа қалақь, 2,5 нызқь қыҭа. Миллионҩык рҟынӡа рынхарақәа ирхыҵит.
Агеноцид афакт азхарҵахьеит Урыстәыла, Франциа, Швеицариа, Польша уҳәа 30 рҟынӡа ҳәынҭқарра.