Арадио

Гәынба Акультура аминистрра ааԥын еиҿнакаауа агастрольқәа рзы: амҩабжа ҳнеихьеит

Sputnik
Аҧсны акультура аминистрра агастрольтә план аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥы 1 инаркны лаҵарамза 31-нӡа аҳәынҭқарратә коллективқәа рықәгыларақәа мҩаԥысуеит атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны. Арадио Sputnik аефир аҟны Акультура аминистрра иатәу акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба еиҭеиҳәеит агастрольқәа шымҩаԥысуа.
"Араионқәа жәпакы ҳарҭаахьеит, имаҷымкәа ақәгыларақәа еиҿкаан. Иуҳәар ҟалоит, амҩабжа ҳнеихьеит ҳәа. Ҳцараны ҳаҟоуп Гәдоуҭа, ақәгылара ҟалоит акультура аҩнаҿы, убасгьы Тҟәарчал. Ақыҭақәа рҿы ақәгыларақәа еиҳарак ансамбль "Гәында" алархәны имҩаԥаҳгар ҳҭахуп. Ишьақәҳаргылаз аплан аҿы иҟоуп маҷӡак ԥсахрақәак аналаҳгало", - иҳәеит Гәынба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.