Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

"Искандер" Урыстәылатәи аруаа рышьра иалахәыз "Қырҭтәыла алегион" аибашьцәа ннарҵәеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Урыстәыла арбџьармчқәа "Искандер" ала "Қырҭтәыла алегион" аибашьцәа 60-ҩык ннарҵәеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Қьырала еибашьуа ҵыԥх хәажәкырамзазы урыстәылатәи аруаа рышьра иалахәын.
"Мшаԥы 21 азы аоператив-тактикатә шьақәгыла "Искандер" ала ДЖәР Константиновка абиблиотека ахыбра иҩнатәаз қьырала еибашьуа аибашьцәеи, рџьаԥҳанышьҭаҵарҭеи ааха рыҭан. "Қырҭтәыла алегион" аибашьцәа 60-ҩык ршьит",- ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Аҵакыраҿы игылаз 15 ак аибашьыгатә техника ааха аҭан. 20-ҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит.
"Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҟны урыстәылатәи аруаа рышьра иалахәыз зегьы рзы адыррақәа рымоуп", - рҳәеит аминистрраҟны.