"Аеҵәақәа" удыршанхоит: "Аpsny-Star" ахԥатәи аконцерт

"Apsny-Star" ахԥатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭфилармониаҟны ашәахьа, мшаԥы 24 рзы.
Sputnik
"Apsny-Star" ахԥатәи аконцерт аҟны ашәаҳәаҩцәа инарыгӡеит еицырдыруа аҳәаанырцәтәи ашәақәа, рок, ҿыц аранжировка зызу аԥсуа шәақәа.
Апроект нрыжьит апроект алахәылацәа ҩыџьа- Ильда Қәычбериаԥҳа лкоманда аҟынтәи- Асҭамыр Вартанов, Саида Агрԥҳа лкоманда аҟынтәи ашоу нижьит Шьаҳан Сиргьинаа. Фаиа Мархолиаԥҳа лкоманда нижьыр акәын Нар Нанба, аха апродиусер иӡбамҭала ашоу аҟны даанхеит.
Апроект Аpsny-Star еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны – апроект информациатә партниорс иазыҟоуп. Ашоу априз хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.
Апроект шықәсык ицалоит, иара х-сезонкны еихшоуп. Ахԥатәи асезон – асуперфинал аҿы еиндаҭлоит аԥхьатәи ҩ-сезонк рфиналистцәа. Амузыкатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны ашықәс аҩнуҵҟа иазыԥхьагәаҭоуп 12 концерт, мызкахьы знык.
1 / 11

"Apsny-Star" ахԥатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭфилармониаҟны ашәахьа, мшаԥы 24 рзы.

2 / 11

Апроект Аpsny-Star еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон".

3 / 11

Адгәыр Лазариа агәыԥ Rammstein рашәа "Du Hast" наигӡеит, уи алагьы иреиҳаӡоу абалл иоуит.

4 / 11

"Apsny-Star" ахԥатәи аконцерт аҟны ашәаҳәаҩцәа инарыгӡеит еицырдыруа аҳәаанырцәтәи ашәақәа.

5 / 11

Саида Агрԥҳа лкоманда аҟынтәи ашоу нижьит Шьаҳан Сиргьинаа.

6 / 11

Апроект шықәсык ицалоит, иара х-сезонкны еихшоуп.

7 / 11

Алан Бесланиԥа инаигӡеит Том Оделл "Another love" иашәа.

8 / 11

Самвел Миракиан аԥсуа шәа наигӡеит.

9 / 11

Ашәаҳәаҩцәа инарыгӡоз аԥсуа шәақәа реиҳарак автор акомпозитор Анри Гәымба.

10 / 11

Ашоу аҳамҭа хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.

11 / 11

Фаиа Мархолиаԥҳа лкоманда нижьыр акәын Нар Нанба, аха апродиусер иӡбамҭала ашоу аҟны даанхеит.