Аешьаратә жәларқәа: адыгақәа рбираҟ амш

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны Ачерқьесцәа рбираҟ амш азгәаҭан 2016 шықәса рзы. Иара амш азгәаҭара иалагеит 2010 шықәса рзы.
Sputnik
Ашьыжь, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахаҭарнакцәеи, адыга диаспореи, ауаажәларратә еиҿкаара "Адыгэ Хасэ" анапхгареи, аҿартә хеилакқәеи Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан игылоу адыга-аԥсуа аешьаратә баҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Уи ашьҭахь Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабра мҩаԥган.
Ахәылбыҽха Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа адыгакәашарақәа мҩаԥысит.
1 / 11

Адыгақәа рбираҟ амш азгәарҭеит Аԥсны.

2 / 11

Иара амш азгәаҭара иалагеит 2010 шықәса рзы.

3 / 11

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аԥшгьарала Адыгақәа рбираҟ амш мҽхакыҭбаала имҩаԥган.

4 / 11

Адыгақәа рбираҟ рхашәыршәыруан аҿар...

5 / 11

Аныҳәа иаҭааз аӡәырҩы – милаҭ маҭәала еилаҳәан.

6 / 11

Адыгеиа аҳәынҭқарратә бираҟ зкәакьҭа иашоу аиаҵәаҧшшәы змоу асахьа амоуп, уаҟа иарбоуп аиаҵәақәа 12, зыхҿа хыхьҟа иҧшуа еихдоу ахьтәы хыцқәа хҧа.

7 / 11

Аиаҵәақәа 12 адыга (ачерқьес) хылҵшьҭрақәа 12 ирхаҿроуп, ахыцқәа 3 ижәытәӡатәиу адыга ҭауадшьҭра иадыргоуп. Еихдоу ахыцқәа хҧа иаадырҧшуеит акзаара. Аиаҵәаҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, иара убас атәыла аҧсабара аҷыдарақәа ируакуп, 40% инарзынаҧшуа адгьылҵакыра бнара ҭыԥуп.

8 / 11

Ахәылбыҽха Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа адыгакәашарақәа мҩаԥысит.

9 / 11

Аԥсуа драматә театр ашҭаҟны шәаҳәаран-кәашаран.

10 / 11

Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабра мҩаԥган.

11 / 11

Еицлабуан 6-16 шықәса зхыҵуаз аспортсменцәа.