АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Урыстәылатәи асенаторцәа аҳәынҭқарра аԥсахразы ԥсраҽнынӡа аҭакразы азакәан апроект ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"УА АЗ ахәҭаҷ 57 "Ԥсраҽнынӡа ахақәиҭра алхәадатәра" харҭәаауп аҵаҵӷәы ҿыц ала – аконституциатә шьақәгылареи аҳәынҭқарра ашәарҭадареи ирҿагыло ацәгьоура ӷәӷәақәа рымҩаԥгараан ԥсраҽнынӡа ахақәиҭра алхәадатәра аҟазшьала ахарадҵара", - ҳәа аҳәоит аконституциатә еилакы алкаа.
Иара убасгьы, атерактқәа рымҩаԥгаразы аҭакԥхықәра рӷәӷәоуп. Атеррористтә акт мҩаԥызгаз 20 шықәса ихақәиҭра имххар ҟалоит, атеррористтә еилазаара аиҿкаареи уи алахәреи рзы - 10 - 15 шықәса иқәҵахар.