Аԥсны

АШәМ Лыхны аҭәаҵла аԥҟара иаанкылоу рыда аҽаџьоукы алахәуп ҳәа аинформациа аҿаԥырҽит

АШәМ иазгәанаҭоит, асеиԥш аинформациа анонимцәа асоциалтә ҳақәа рҿы иаладырҵәоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26– Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аҭәаҵла аԥҟара иаанкылоу рыда аҽаџьоукы алахәуп ҳәа аинформациа аҿаԥырҽит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ираклии Даури Багаҭелиаа аанкылан мшаԥы 11 рзы, аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны, уаанӡа руаӡәк Арасаӡыхь ақыҭан изымҵаныҳәоз аҵла ааха ахьеиҭахьазгьы азгәаҭаны.
Мшаԥы 14 рзы Иракли Багаҭелиа аусӡбарҭа аӡбрала дырбаандаҩын, Даур Багаҭелиа атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапы иаҵарҩын.
Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Аԥсны
Лыхнашҭатәи аҭәаҵла ԥызҟаз рыхьӡ еилкаахеит