Арадио

Багаҭелиа Риҵа ахаҳәлеиразы: иахьҳалшо аҭыԥқәа рҿы аус ҳуеит, аха ҳахьзымнеиуагьы ыҟоуп

Бзыԥтәи аҩхааҿы ацаҟьаҟынтә ахаҳә дуқәа албган амҩа ианаҳалеит. Амашәыр аԥырҟәҟәааразы иҟоума алшарақәа, ирацәоума аҭыԥқәа ахаҳәқәа албгар ахьалшо, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багателиа.
Sputnik
Ахаҳәлеира ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ус еиԥш ҟамлацызт, ари ԥырҟәҟәаашьа змам усуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Багаҭелиа.
"Ахаҳәқәа рлеира ахҟьеит арҭ амшқәа рзы ақәа илеиуаз. Дара ахьынтәалеиз ауаҩы ишьапы мнеиӡацт. Иахьҳалшо аҭыԥқәа рҿы аус ҳуеит, аха ҳахьзымнеиуагьы ыҟоуп. Абахәқәа ҳаракуп, 400 метра рҟынӡа инеиуеит. Уахь ауаҩы ишьапы наӡо иҟам. Ус еиԥш ахҭысқәа ҟалар ахьалшо аҭыԥқәа рҿы адыргақәа гылоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Багаҭелиа.
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы иара убасгьы иҳәеит, асасцәа рыдкыларазы имҩаԥыргаз аусурақәа ртәы. Аҳәарԥсаррахь аҭалара ахә шыҟац иаанхеит ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа, убри аан аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы уи хәыда-ԥсадоуп иҳәеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.