Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла арбџьармчқәа Херсонтәи аобласт аҟны УАМ рыдҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа ҩба ҭадырхеит

Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла УАМ артиллериатә ҟәшақәа 93 ааха рырҭеит, 127 раион рҿы иҭадырхеит ари атехникеи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Урыстәыла арбџьармчқәа УАМ рыдҵаҟаҵра-ԥыԥшырҭатә ҭыԥқәа ԥыхха иқәырҵеит Херсонтәи аоблост аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит украинатәи аҳаирплан Су-25, ареактивтә хеиҵаҵақәа РСЗО HIMARS 16, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа12.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла Киев иацәыӡит 40-ҩык инареиҳаны аибашьцәа, аибашьыгатә кәылӡмашьынак, автомашьынақәа ҩба. Иара убас адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ԥшьба ржәылара аԥырҟәҟәаауп.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ҩба, аӷа ицәыӡит 65-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, аибашьыгатә машьына, апикап, автомашьынак, агаубица Д-20, ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгыла "Акация".
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ҩба аԥырҟәҟәауп, уахыки-ҽнаки рыла украина иацәыӡит 25-ҩык аруаа, ҩ-кәылӡмашьынак, автомашьынақәа ҩба, агаубица "Д-30", УАМ амеханизациа зызуу 72-тәи абригадеи 108-тәи абригадеи иатәу артеллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 30-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, автомашьынақәа ҩба, артиллериатә система М777, украинатәи арадиолокациатә станциа "Зоопарк".