Аԥсны

Аҟәа ихдыркәшеит арҵара-туристтә форум "Горизонты-23" аусура

Мшаԥы 26 инаркны 28-нӡа Аҟәа имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи арҵара-туристтә форум "Горизонты-23".
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Хымш рыҩнуҵҟа имҩаԥысуаз арҵара-туристтә форум "Горизонты-23" аусура хдыркәшеит, алахәылацәа аихшьаалақәа ҟарҵеит.
"Агәахәара ду снаҭоит афорум ахьымҩаԥысыз. Ишьҭыхын арҵареи ахәыҷтәы туризми рызҵаарақәа реиԥш азакәанеиҿкааратә зҵаарақәагьы, аԥгаԥса азҵаара налаҵаны. Арҭ уназдыххыло зҵаарақәаӡам, акыр изызхәыцтәу роуп, аха ус акә, егьыс акә – иӡбатәқәоу роуп", – иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнак Дмитри Федотов.
Иара иазгәеиҭеит афорум ишахықәку ахәыҷтәы туризм иадҳәалоу ареспублика анагӡаратәии азакәанԥҵаратәии мчрақәа злацәажәаша азҵаарақәа рыӡбара.
"Аԥсни Урыстәылеи рхәыҷқәа рыбжьара аимадарақәа еиҭахацырктәуп. Ҳгәаанагарала, асеиԥш аҭагылазаашьа иалнаршоит Урыстәыла ахәыҷқәа Аԥсны абзиабара дыркреиԥш Аԥсны ахәыҷқәагьы Урыстәыла бзиа дырбара", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аҟәа иаатит арҵара-туристтә форум "Горизонты-23"
Жәларбжьаратәи афорум "Горизонты-23" аҳәаақәа ирҭагӡаны активла аусурақәа мҩаԥысуан ареспублика еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы.
Арҵара-туристтә форум еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи Аԥсны Атуризм аминистрреи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны Аҵара аминистрреи, Атуризм азы аԥснытәи Ахеилаки акультура-усутә центр "Москва Аҩни".