Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхыҩцәа иааиуа акурорттә сезон иалацәажәеит

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки, Краснодартәи аҳазалхреи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳазалхра ахаҭарнакреи, УАМ Аԥснытәи аҳазалхырҭатә ҭыԥи рмаҵзурауаа русутә еиԥылара мҩаԥысит мшаԥы 27 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Акурорттә сезон аҽазырхиареи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳазатә хылаԥшра аҭареи ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхыҩцәа.
Аганқәа 2023 шықәсазтәи акурорттә сезон апроблематә зҵаарақәеи урҭ рыӡбшьақәеи ирзааҭгылеит.
Аԥснытәи аган урыстәылатәи аган иаднагалеит 2022 шықәсазтәи атурсезон аан ақыҭанхамҩаалыҵ аекспорт азы астатистикатә рбагақәа, сынтәатәи азԥхьагәаҭарақәа. Ирзааҭгылоуп аҳәаа ахысра армариара алзыршо азҵаарақәа.
Аҳазалхыҩцәа иазгәарҭеит аусбарҭақәа рыбжьара аинырра акыр ԥхьацара шаиуз.