Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Гагра анхарҭатә фонд ашәҟәҭагалара мҩаԥыргараны иҟоуп

2023 шықәсазы Гагра араион аҟны 20-ҩык рҟынӡа анхарҭаиуразы агәаран иқәгылоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik. Гагра анхарҭатә фонд ашәҟәҭагалара мҩаԥыргараны иҟоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
"Ҳәарада, анхарҭа азымхара апроблема ыҟоуп. Иаԥҵоуп акомиссиа ҷыда, абри ахырхарҭала аус зуа. Уажәы Гагра анхарҭатә фонд ашәҟәҭагалара мҩаԥыргоит. Акомиссиа 24 ҭаацәара рырзаҳалқәа ирыхәаԥшраны иҟоуп. Ишалшо ала араион аҿы анхарҭаз апроблемақәа рыӡбара ҳаҿуп", - лҳәеит лара.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла, араион аҿы агәаран иқәгылоу аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еизаз роуп, аха убри аан, лара лгәаанагарала, анхарҭақәа роуразы апрограмма аусура иалагар, урҭ рхыԥхьаӡара иацлар алшоит.
Лара иара убасгьы иазгәалҭеит араион аҿы ари азҵаара аԥыжәара зҭатәу акәны ишахәаԥшуа аҭыԥантәи амчрақәа.