АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аремонт хыркәшоуп ҳәа амаҵзура "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
Иара иажәақәа рыла, аусурақәа ирылагеит 2022 шықәса нанҳәамзазы. Аилаӡара ахәԥса 20,5 миллион мааҭ иҟан.
"Иахьатәи аамҭазы 19,5 млн мааҭ шәоуп, макьана ацәынха ыҟоуп. Аремонт актәи ахәҭазы иазԥхьагәаҭаз аусурақәа зегь нагӡоуп. Уажәы ахыбра аилыргара иаҿуп", - иҳәеит Тәанба.
Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит Шәача ишҿарҵахьоу амҽы иалху асасааирҭа ашәқәа ҩба. Урҭ аҵыхәтәанӡа иқәдыргылоит.