Урыстәыла

Шоигу: Украина иарҭо абџьар аиҳарак атеррористцәа рнапахьы инанагоит

Урыстәыла уаанӡа изныкымкәа НАТО агәҽанҵага шәҟәқәа рзынанашьҭхьан Украина абџьар аҭаразы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik. Украина иарҭо абџьар аиҳара атеррористцәа рнапахьы инанагоит, уи Европеи адунеии рҭышәынтәалара ианыԥшуеит иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

"Украина иарҭо абџьар аиҳарак "аџьармыкьа еиқәаҵәахьы" инанагоит, уантәи атеррористтә еиҿкаарақәа ирымԥыхьашәоит. Ари УАМ ауран злоу аџьаԥҳаны аҳҭеит ҳәа НАТО атәылақәа иҟарҵо аҳәамҭақәагьы нацҵаны акыр ашәарҭара аадырԥшуеит", - иҳәеит Шоигу, Шанхаитәи аусеицуразы аиҿкаара (ШОС) алахәыла-тәылақәа ртәылахьчаратә усбарҭақәа рхадацәа Ниу-Дели имҩаԥысыз реиқәшәараҟны.

Иара иажәақәа рыла, Киев абџьар азынашьҭра аимак еиҳагьы еибанарххоит, аԥсыҭбарақәа аррацәоит, аинфраструктура еиланажьуеит, аҵыхәтәаны ихынҳәны Европа аҭышәынтәалара ҵнашәаауеит.
"Урыстәыла, Украина аҵакыраҟынтә адунеи иахыҵәо ашәарҭара шьаҭанкыла иқәнамхыр ада ԥсыхәа ыҟамкәа иҭадыргылеит. Ҳус еилкаауп. Арратә операциа ҷыда аҵыхәанӡа инагатәуп", - иҳәеит Шоигу.