Лаҵарамза 7 инаркны 9-нӡа Афон ҿыц имҩаԥыслоит ацәыргақәҵа, ауасҭацәа русумҭақәа ахьӡыргахо. Уи алахәыла Сариа Цкәуаԥҳа еиҭалҳәеит аханатә аидеиа шыҟалаз атәы, ацәыргақәҵа Гиви Смыр иԥшәмаԥҳәыс Жаклин Чачибаиаԥҳа ишлаԥшьгамҭоу.
"Иахьазы 70 зыҳәа ҟаҵоуп ацәыргақәҵа алахәхаразы, урҭ макьана иҳадаҳкылалоит, аӡәгьы мап ицәаҳкыр ҳҭахым. Аҭыԥ ҭшәазаргьы, ҳаинааланы аус еицаҳуеит. Аџьармыкьа аҽалархәра хәыда-ԥсадоуп. Уи адагьы, еиҿкаахоит акультуратә программа, иазгәаҭоуп ансамбльқәа рықәгылара", - ҳәа еиҭалҳәеит Цкәуаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.