Аԥсны

Урыстәылеи Аԥсни рҳәаахьчаратә хыҵырҭа аиҭарҿыцра хдыркәшоит 2025 шықәса анҵәамҭазы

Ганрацәалатәи автомобилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭарҿыцразы аилаӡара рнапы аҵарҩит иҳаҩсыз ашықәс цәыббрамзазы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рҳәаахьчаратә хыҵырҭа аиҭарҿыцра хдыркәшоит 2025 шықәса анҵәамҭазы.
Ганрацәалатәи автомобилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭарҿыцра азҵаара иалацәажәеит Афедералтә амҩахылаԥшратә усбарҭа "Черноморье", анардадаратә еиҿкаара "ГК "ЕКС", аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи маҵзурақәа русзуҩцәа.
Уажәы апроект аус адулара иаҿуп, "Урыстәыла Главгосэкспертиза" анақәшаҳаҭхалак ашьҭахь аремонт иалагоит.
Ганрацәалатәи автомобилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" иоунашьҭлоит 14 нызқь транспорттә хархәагақәеи 80 нызқьҩык ауааи уахыки-ҽнаки рыла. Иара убас атуристцәа анбжьалалак, 2,5-нтә аушьҭратә лшара шьҭыҵуеит.