Аԥсны

Дәыкрынԥшшәыла иҭаҳәҳәоу: Аԥсны аглициниа шәҭит

Sputnik
Аԥснытәи ааԥын дәыкрынԥшшәуп иамоу. Избан акәзар, мшаԥы - лаҵара ирыбжьаркуа аамҭазы ана-ара ишәҭуеит аглициниа. Ари аҵиаа ицәааку асубтропикатә ҳауа анаалоит.
Акыршықәса изызҳауа аглициниа 18 метра рҟынӡа аура ҟалоит. Уи аӡахәа ажәпара 40 сантиметра рҟынӡа инаӡар алшоит. 150 шықәса раҟара анҵыра амоуп. Аԥсабараҿы иҟоуп аглициниа ахкқәа 10- ашкәакәа, адәыкрынԥшшәы, ацәаԥшь.
Sputnik ишәыднагалоит аглициниа шышәҭуа афотосахьақәа.
1 / 13

Аглициниа – аҟәыджәлатәқәа рахь иаҵанакуа субтропикатә ҵиаауп.

2 / 13

Аглицина игәыгәҭажьу ахыбрақәагьы арԥшӡоит.

3 / 13

Ари аҵиаа ицәааку асубтропикатә ҳауа анаалоит.

4 / 13

Аглицина шышәҭуа рыҽҭырхуеит.

5 / 13

Аглициниа аԥшәы азы алилачықь (сирень) ауп ҳәа ахырҳәаауеит.

6 / 13

Алилачықь (сирень) еиҳа ихьшәаны ишәҭуеит.

7 / 13

Аԥсабараҿы иҟоуп аглициниа ахкқәа 10- ашкәакәа, адәыкрынԥшшәы, ацәаԥшь.

8 / 13

Аҵиаа ашәҭ атәыла- Иапониа ауп.

9 / 13

Акыршықәса изызҳауа аглициниа 18 метра рҟынӡа аура ҟалоит.

10 / 13

Уи аӡахәа ажәпара 40 сантиметра рҟынӡа инаӡар алшоит. 150 шықәса раҟара анҵыра амоуп.

11 / 13

Аглициниа 150 шықәса раҟара анҵыра амоуп.

12 / 13

Аглициниа Аҟәатәи амҩадуқәа рҟны.

13 / 13

Аҵиаа ашәҭ еизыхәхәақәа уахьынаԥш-ааԥшуа убла хыркуеит.