Аԥсны

Аҟәатәи акоманда аиааира агеит анапылампыл азы Аԥсны ахраҿаҟны

Мшаԥы 8 раахыс имҩаԥысуаз ахәмаррақәа ирылахәын жә-командак: "Гагра", "Пицунда", "Аҷандара", "Аҟәа 1", "Спартак", Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорт школ, "Очамчыра", "Агәыӡера", Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иатәу аҳәаахьчаратә усбарҭа акоманда.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аҳҭнықалақь анапылампыласыҩцәа аиааира ргеит анапылампыл азы Аԥсны ахраҿа афинал аҟны. Абри атәы аанацҳаит Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Урҭ асабша, мшаԥы 29 рзы имҩаԥысыз афинал аҿы ирыцыхәмаруан Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иатәу аҳәаахьчаратә усбарҭа акоманда "Динамо", аиааира ргеит 3:1 ҳәа.
Ахԥатәи аҭыԥ азы ихәмаруан аҟәатәи "Спартаки" "Аҷандареи". Аҳҭнықалақьаа ара аиааира ргеит 3:2 ҳәа.