Аԥсны

Ахаҵа дҭахеит Кындыӷ ақыҭан иҟалаз амҩатә машәыр аҟны

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik. Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иҟалаз амҩатә машәыр аҟны ахаҵа дҭахеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҟны.
Амашьына "Жигули" ашьаҟа ианҟьеит ҳәа АҶА ахь адырра ҟаҵан асааҭ 14:09 рзы. Аҭыԥ ахь аиқәырхаҩцәеи аҳақьымцәеи неит. Уи аамҭазы амашьынарныҟәцаҩ иԥсҭазаара далҵхьан. Амашьына уаҳа аӡәгьы дҭатәаӡамызт, рҳәеит АҶА аҟны.