Урыстәыла

Амоделиер Виачеслав Заицев иԥсҭазаара далҵит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik. 86 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит урыстәылатәи амоделиер, ателемҩаԥгаҩ Виачеслав Заицев. Абри атәы аанацҳауеит аканал РЕН-ТВ.
"Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Заицев ахәшәтәырҭахь днаган ица ашьацара иманы, иара ареанимациаҟны дыԥсит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Виачеслав Заицев диит хәажәкыра 2 1938 шықәсазы, Иваново. РСФСР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Урыстәыла Жәлар рсахьаҭыхыҩ ҳәа ахьӡқәа ихҵоуп, хкы рацәала апремиақәа длауреиатуп. Заицев иоуп асоветтәи урыстәылатәи амоделиерцәа рҟынтәи раԥхьаӡакәны Париж зусумҭақәа цәырызгаз. 1989 шықәсазы токиисктәи асаммит "Пять лучших модельеров мира" аҟны даиааит.