Урыстәыла

Аԥсны урыстәылатәи атуристцәа аԥхынтәи аԥсшьараз иалыркаауа ахырхарҭақәа хԥа иалашәеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik. Аԥсны урыстәылатәи атуристцәа аԥхынтәи аԥсшьараз иалыркаауа ахырхарҭақәа хԥа иалашәеит, абри атәы аанацҳауеит аекономикатә информациаз амаҵзура "Праим", атурқәа ринтернет-дәқьан Travelata адыррақәа шьаҭас иганы.
Актәи аҭыԥ аннакылеит Ҭырқәтәыла, уаҟа рыԥсшьара рхыргарц ргәы иҭоуп- 46%. Аҩнуҵҟатәи атуризм ахырхарҭа алыркааит- 26%.
Аԥсны ареитинг аҟны ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит, а́́зҵаара иалахәыз рҟынтәи 10% амшынеиқәаҿтәи ареспублика иаҭаауеит.
Аналитикцәа ражәақәа рыла, Урыстәыла аҩнуҵҟа аԥсшьаразы аҭахрақәа 36% рҟынӡа илаҟәит, уи аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьеит.
Иааидкыланы аусдырцәа ишазгәарҭаз ала, иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны аныҟәарақәа зегьы рыхә 20-25% рыла ихалеит.
Аԥсны
Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркхеит