Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥсҳәы акакан ааӡара иазкны

Хәаԥ ақыҭа анхаҩы Ремо Ԥсҳәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иабзоураны инапы злаку- акакан ааӡара иацу акәамаҵамарақәа ртәы.
Sputnik
2022 шықәса рзы ишьақәырӷәӷәаз ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммаҿы иалкаахаз акакан ааӡаразы апроект анагӡара иаҿуп Хәаԥ ақыҭан. Иара иазоужьын 350 нызықь мааҭ. Еиҭаҳаз 400 шьапы рҟынтә, 40 раҟара ԥсызаргьы, егьырҭ бзиоуп ҳәа еиҭеиҳәеит Ремо Ԥсҳәы аиҿцәажәараҿы. Иара иҳәеит, акакан шырхәышәтәуеи хылаԥшрас иарҭои ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.