Аҽымпыл, аҵәеигәыдҵа, аҽырхәмарра: аҽырыҩра Кәтолаа рыҟны

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Кәтол ақыҭан аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥган, лаҵара 1 азы.
Sputnik
Очамчыра араион Кәтол ақыҭан ааԥыни аџьеи рымшныҳәа Маи акы аҽны имҩаԥысит аҽыспорттә еиндаҭларақәа. Ауснагӡатә иарбан аҽымпыл, аҵәеигәыдҵа, аҽырыҩра- 1200, 1400, 2000 метра. Еиндаҭлон Кәтолаа, Џьгьардаа, Уарчаа.
Аԥсны аспорт азҟаза Омар Коӷониа ихьӡала аҵәеигәыдҵара мҩаԥган, еиндаҭлон Кәтоли, Џьгьардеи, Уарчеи рҽыбӷаҟазацәа. Афинал аҟны еиқәшәеит кәтолааи уарчааи, аԥшәмацәа 2:0 ҳәа аиааира ргеит. Аԥхьахәтә фонд 80 000 нызқь мааҭ ыҟан, 50 нызқь мааҭ аиааира згаз ирырҭеит, 25 нызқь мааҭ Уарчаа, 15 нызқь мааҭ - Џьгьардаа.
Аԥсны аспорт азҟазацәа аишьцәа Алхаси Гарики Палаванӡиаа ргәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз аҽымпыл аҟны Кәтолаа 12:7 ҳәа аиааира ргеит. Афинал аҟны Џьгьардаа ирыцхәмаруан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аишьцәа Пантик, Валентин, Иван Табаӷәуаа рыхьӡала Аԥсны ииз ашьацқьа злоу аҽқәа 1400 метра иҩуан. Актәи аҭыԥ игеит-Дамеи Сақаниа, аҩбатәи- Руслан Дочиа, аҳпатәи-Беслан Бжьаниа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ргәаларшәаразы имҩаԥгаз 2000 метра аҽырыҩра аҟны аиааира игеит Дмитри Қардиа - иҽы Френки, аҩбатәи Инал Гәаланӡиа - иҽы Наварро, ахԥатәи Кандид Лагьынӡиа -иҽы Новелла.
1200 метра аҽырыҩраҟны актәи аҭыԥ даԥсахеит Саид Гәырчиани, аҩбатәи- Баҭал Ахсалба, ахԥатәи- Алик Багатуриа.
1 / 15

Лаҵара 1 азы Аԥсны аҽырхәмаррақәа рсезон аатит

2 / 15

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Кәтол ақыҭан аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥган, лаҵара 1 азы.

3 / 15

Ауснагӡатә иарбан аҽымпыл, аҵәеигәыдҵа, аҽырыҩра.

4 / 15

Еиндаҭлон Кәтолаа, Џьгьардаа, Уарчаа.

5 / 15

Аҽырыҩра еснагь еиԥш иахьагьы хәыҷи-дуи азҿлымҳауп.

6 / 15

Аҽыбӷаҟазацәа - 1200, 1400, 2000 метра иҩуан.

7 / 15

Аԥсны аспорт азҟаза Омар Коӷониа ихьӡала аҵәеигәыдҵара мҩаԥган, еиндаҭлон Кәтоли, Џьгьардеи, Уарчеи рҽыбӷаҟазацәа.

8 / 15

Аԥсны ииз ашьацқьа злоу аҽқәа 1400 метра иҩуан. Актәи аҭыԥ игеит-Дамеи Сақаниа.

9 / 15

Ахәыҷқәа аҽырыҩрақәеи аҽырхәмаррақәеи нашанак ирзаҩызан.

10 / 15

Кәтол

11 / 15

Аҵәеигәыдҵара аҟны еиндаҭлон Кәтоли, Џьгьардеи, Уарчеи рҽыбӷаҟазацәа. Афинал аҟны еиқәшәеит кәтолааи уарчааи, аԥшәмацәа 2:0 ҳәа аиааира ргеит.

12 / 15

Аҵәеигәыдҵаразы аԥхьахәтә фонд 80 000 нызқь мааҭ ыҟан, 50 нызқь мааҭ аиааира згаз Кәтолаа ирырҭеит, 25 нызқь мааҭ Уарчаа, 15 нызқь мааҭ - Џьгьардаа.

13 / 15

Аԥсны ииз ашьацқьа злоу аҽқәа 1400 метра иҩуан. Актәи аҭыԥ игеит-Дамеи Сақаниа, аҩбатәи- Руслан Дочиа, аҳпатәи-Беслан Бжьаниа.

14 / 15

Аԥсны ииз ашьацқьа злоу аҽқәа 1400 метра иҩуан. Актәи аҭыԥ игеит-Дамеи Сақаниа, аҩбатәи- Руслан Дочиа, аҳпатәи-Беслан Бжьаниа.

15 / 15

Агәалаҟазаара бзиа змаз аҽырыҩра иаҭааз аҭыԥҳа.