Аԥсны

Аԥсны ахада Лыхнашҭатәи аҭәаҵла даҭааны ибеит

Лыхнашҭа иқәгылаз аҭәаҵла ааха аҭан ахаша, мшаԥы 5 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 1 – Sputnik. Аԥсны ахада хьархьла иԥҟаз Лыхнашҭатәи аҭәаҵла даҭааны ибеит.
Бжьаниа Лыхны ақыҭа ахада Џьансыхә Чкотуа аҵла ашьақәгылара шцо азы диазҵааит.
Бжьаниа иарҳәеит аҵла абыӷьқәа шылнахыз. Аекологцәеи Аԥсны инхо китаиааи аҭәаҵла ашьапы иҷыдоу ӡшьарк ахьыршьит арзҩыдатәразы. Атәылахь ааигәа иааргараны иҟоуп китаитәи ахәшә даҽа партиак.
"Аҭагылазаашьа бзиоуп. Аҵла ашәҭра иалагеит. Ҳгәыӷуеит зегьы маншәалахап ҳәа", - иҳәеит Бжьаниа.
Лыхнашҭа иқәгылаз аҭәаҵла ааха аҭан ахаша, мшаԥы 5 рзы. Аҭәаҵла 15 - 20 сантиметра иагәылакны иԥҟоуп. Лыхнашҭатәи аҭәаҵла аԥхасҭа аҭара иалахәын ҳәа агәазҩара ззыҟоу Ираклии Даури Багаҭелиаа аанкылан мшаԥы 11 рзы.
Аекологцәеи Аԥсны инхо китаиааи аҭәаҵла ашьапы иҷыдоу ӡшьарк ахьыршьит арзҩыдатәразы. Нас кәармала китаитәи ахәшә агәылалартә иларышьҭит, зынӡа ахәшәқәа 30 алаҵан. Ари мчыбжьык иазхоит.