Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ҳагба Аҷандара аҿар ирыԥсҭазаашьоу иазкны

Аҷандара инхо Ефрем Ҳагба Ростов аспирантура дҭоуп, убри аан ААУ аҿы аус иуеит. Ақыҭаҿы анхареи ақалақь аҿы аусуреи шеилаигӡо ртәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аҟны.
Sputnik
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.