Атәыла ахада иҟны имҩаԥган аилатәара, араионқәа рхадацәа русура ашықәс актәи азбжа аихшьаалақәа хьыҟарҵоз.
Дочиа еиҭеиҳәеит абиуџьеҭ ахь алагалақәа рахыԥхьаӡаларазы аплан анагӡара аус шцо, афымцалашаразы ахәԥса ахә ахшәааразы арбагақәа змаҷу.
"Алашара ахә зшәо 7% роуп. Аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Ахә ашьҭыхра ауаа ирныԥшит, уи здызымкылаз ыҟоуп. Ҵыԥхтәи арбагақәа иаҳа еиӷьын. Амшынеиқәафымцамч аусзуҩцәеи ҳареи ҳаилацәажәаны иазгәаҳҭеит ауснагӡа аҭагылазаашьа арҽеиразы. Ажәлар рҟынӡа инагатәуп аинформациа алашара ахә ахшәаара шхымԥадатәиу, уи ада ԥсыхәа шыҟам. Аҩныҟа ача ааимхәар ауаҩы акршизымфо иаҩызоуп алашарагьы. Уигьы аахәатәуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Дочиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.