Аԥсны

Гагра ахәыҷы амашьына дашьит

Арыцҳара ҟалеит лаҵара 2 асааҭ 8:50 рзы ақьафурҭа "Мельница" ааигәара.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра, Демерџь-иԥа имҩаҿы ани аԥеи лаҵара 2 рзы амашьына рысит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагра араион ААР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Иунусба.
Иара иҳәеит, аԥҳәыс ахәыҷы длыцны амҩа шеихылҵәоз. Амашьынақәа ргәаран ахьыҟалаз азы аԥхьаҟатә мҩа данылеит. Иара уоуп амашьына ахьрысыз.
Жәашықәса зхыҵуаз ахәыҷы аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит, иан ахәышәәтырҭахь днаргеит, уа аԥҟара лзыҟарҵеит.
Иунусба иажәақәа рыла аԥҳәыс лҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Амашьына аԥсҟы зкыз ахаҵа алабораториатә ҭҵаара дахыжьуп. Иара арыжәтә идкылан дыҟамызт. Ахаҵа даанкылоуп аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит