АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Закәаншьаҭада Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа аԥстәқәа рзы алаҵа аҭагалара аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Алаҵа аҳәаа ахыгара зҽазызшәаз дааныркылеит аконтрабанда аҿагылареи аҳазашәаратә зинеилагарақәа рҿагылареи рзы аҟәша аусзуҩцәа аҳазалхратә ҭыԥ "Егры" аҟны.
Имҩанигоз аидараҿы иазгәаҭан:
алақәа рчымазара азыԥхьагәаҭаразы 366 шьушьа алаҵа;
аԥстәқәа рааԥкра азԥхьагәаҭаразы 100 шьушьа алаҵа.
Административтә зинеилагаразы аматериалқәа нашьҭуп Аилак аҳазатә ҭҵаара аҟәшахьы.