Урыстәыла

Ҟрым атерактқәа аздырхион ҳәа гәызҩарала быжьҩык аанкылоуп

Иаанкылоу рыгәҭа иҟоуп Урыстәылеи Украинеи ртәылауаа, Украинеи Болгариеи ртәылауаҩ. Дара рҿахәы рҿырххьеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Ашәарҭадараз Афедералтә маҵзура аусзуҩцәа Ҟрым атерактқәа аздырхион ҳәа гәызҩарала быжьҩык ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Атерактқәа рыдҟаҵалахон Ҟрым ахада Сергеи Аксенов, Апарламент ахантәаҩы Владимир Константинов, Иалта ахада Ианина Павленко, иара убасгьы еилаԥыххаахар акәын атранспорттә инфраструктура аргыларақәа.
Ачынуаа рҭархаразы адҵа ҟаиҵеит украинатәи аԥшыхәра афицар, Зеленски иофис ахада ихаҭыԥуаҩ Роман Машовец.
Аԥшаарақәа раан ирбеит ахалаҟаҵаратә ртҟәацгақәа хәба, артҟәацгатә маҭәашьарқәа ф-кьылак, абомбақәа реиҵыхразы амыругақәа, амаҵзурауаа рышьклаԥшразы атрекерқәа, Украинатәи акураторцәа рыҿцәажәаразы аимадагақәа.
Артҟәацгақәа рыхәҭақәа Урыстәылаҟа иааргон украинатәи амаҵзура ҷыдақәа реbҿкаарала. Иаарышьҭуан Болгариантә Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рҵакырақәа ирылганы. Ахархәара рыман аилахәырақәа "СДЭКи" "Возовози".
Аусҭҵаара ишьақәнаргылахьеит артҟәацга Ҟрымтәи аихамҩаҿ ахархәара зҭаз артҟәацга ишашьашәалоу.