Аԥсны

400 миллион инеиҳаны ашәахтәқәа еизган Аԥсны мшаԥымзазы

2023 шықәса аԥхьатәи аԥшьымз рзы абиуџьет ахь инашьҭуп 1,2 миллиард мааҭ, планла иазыԥхьагәаҭаз 913,6 миллион рцынхәрас.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. 2023 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны абиуџьет ахь инашьҭуп 404,3 миллион мааҭ ашәахтәқәа ҳәа аанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра.
Аусбарҭа аплан инақәыршәаны еизыргараны иарбан 258,7 миллион мааҭ. абас ала аплан 56% еиҳаны инагӡоуп.
2023 шықәса мшаԥымзазы ашәахтәлагалақәа:

Ақалақь /араион

Алагалатә хыԥхьаӡара (млн. м.)

Иарбаны иҟаз алагала (млн. м.)

Аплан анагӡара апроцент

Аҟәа

650,9

515,8

126%

Гагра араион

364,5

163,5

223%

Гәдоуҭа араион

83,5

60,3

139%

Аҟәа араион

61,1

48,0

127%

Гәылрыԥшь араион

38,2

29,3

130%

Очамчыра араион

31,5

71,7

44%

Тҟәарчал араион

13,5

10,1

133%

Гал араион

23,1

14,9

155%

Очамчыра араион аҿы аплан зынагӡамхеит. Иарбаз абжоуп еизыргаз.
Еиҳау арбагақәа аарԥшын Гагра араион аҿы. Уа ҩынтә еиҳаны аплан нагӡахеит.