АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә ҭыԥ "Цандрыԥшь" аррамаҵзурауаҩ, апрапоршьик Давид Ахьиба, Џьеро Марганиа дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу дырбаандаҩуп ҳәа аанацҳауеит ареспублика Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Арратә ӡбарҭа аӡбарала Ахьиба ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп. Ашьаусҭҵаара мҩаԥнагоит ареспублика арратә прокуратура.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Марганиа иԥсыбаҩ рбеит мшаԥы 29 рзы Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭаҿ аус зымуа аԥсаатәааӡарҭа афабрика аҵакыраҿы.
Ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1; ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 иазԥхьагәарҭо ацәгьоурала.