Аԥсны

200 нызқь мааҭ инеиҳаны аԥара еизган Гәдоуҭа "Пятнашка" адгылараз имҩаԥгаз аконцерт аҿы

Аинтернационалтә бригада "Пятнашка" адгыларазы агәыҳалалратә концерт мҩаԥган Гәдоуҭа лаҵара 3 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik, Бадри Есиава. 200 нызқь мааҭ инеиҳаны аԥара еизган Гәдоуҭа "Пятнашка" адгылараз Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху ансамбль имҩаԥнагаз аконцерт аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аколлектив анапхгаҩы Денис Арухаа.
Иара иҳәеит арҭ аԥарақәа иҭиу абилеҭқәеи ахәаԥшцәа рҟынтәи хатәгәаԥхаралатәи алагалақәеи реидкыла шакәу. Иара убасгьы иазԥхьагәаҭоуп аҳәынҭусбарҭақәа рҟынтә хатәгәаԥхаралатәи агәазыҟаҵарақәа шеиҿкаахо.
"Даара ибзианы ҳрыдыркылеит. Ари аҩыза апублика рҿаԥхьа ақәгылара гәахәароуп. Артист изы азыӡырҩы инапеинҟьабжь еиҳау акгьы ыҟам", - иҳәеит Арухаа.
Аоркестр анапхгаҩы иажәақәа рыла, ари аҩыза аконцертқәа мҩаԥгахараны иҟоуп Очамчыреи Гагреи. Еизгахо аԥарақәа рыла "Пятнашка" аибашьцәа ирҭаххар зылшо аахәатәқәа ҟарҵоит.
Уаанӡа, мшаԥы 27 рзы "Пятнашка" адгылараз аконцерт мҩаԥган Аҳәынҭқарратә филармониа. 37 билеҭ ҭиин, еизган 40 000 мааҭ.
Аинтернационалтә бригада "Пятнашка" Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа иалахәуп.