Урыстәыла

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара COVID-19 апандемиа астатус аԥнахит

COVID-19 апандемиа 2020 шықәсазы ианалагаз инаркны уи иахҟьаны 20 миллионҩык инареиҳаны ауаа рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара иаԥнахит 2020 шықәсазы ирылаҳәаз COVID-19 аглобалтә пандемиа астатус, абри атәы абрифинг аҿы иҳәеит аиҿкаара ахада Тедрос Адханом Гебреиесус.
Аха, иара иажәақәа рыла, акоронавирус макьана агәабзиаразы аглобалтә шәарҭара шамац иаанхоит.

"Ари авирус акыраамҭа иҳацзаауеит. Уи иахьа уажәраанӡа ауаҩы дахыԥсаар алшоит, иахьа уажәраанӡагьы аҽаԥсахуеит. Ачымазара ҩаԥхьа ипланы ауаа ирылазҵо, аԥсрақәа рацәаны изхылҿиаауа авариант ҿыцқәа цәырҵуеит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп", - иҳәеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара ахада.

Иара иазгәеиҭеит ари аӡбамҭа акыраамҭа ишазхәыцуаз, иҟоу адыррақәа зегьы ҷыдала ранализ ҟаҵаны ишрыдыркылаз.