Аԥсны

"Apsny-Star" аҩбатәи асезон иалахәхар зылшо рыхьыӡқәа ҳәоуп

Амузыкатә проект "Apsny-Star" аҩбатәи асезон актәи аконцерт мҩаԥгахоит Аҳәынҭқарратә филармониаҟны рашәара 27 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амузыкатә проект "Apsny-Star" аҩбатәи асезон аҿы рыҽԥыршәаразы иалкаауп 20-ҩык ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашоу амузыкатә продиусер Анри Гәымба.

Акастинг аихшьаалақәа рыла, актәи аконцерт аҿы иқәгылоит: Елизавета Аммаева, Елизавета Ершова, Леван Пхалаӡе, Диана Диоскуриа, Кристина Кәыбрааԥҳа, Едуарда Бебиаԥҳа, Гәында Абыхәԥҳа, Алиас Ҟалӷьы, Лаура Ҳагԥҳа, Милена Кәыҵниаԥҳа, Таисиа Сердиук, Камилла Кәарацхьелиаԥҳа, Диана Чкадуаԥҳа, Ерик Ҳаҭхәа.

Урҭ ирыцлоит уаанӡа иалырххьоу: Инна Коионова, Нила Начҟьебиаԥҳа, Сариа Аиԥҳа, Диана Карбашиан, Рената Хаджиева, Муслим Ларго.
Гәымба ишиҳәо ала, 20 музыкант рҟынтәи апроект аҿы 15-ҩык аанхоит. Хәҩык алххоит аконцерт ашьҭахь анапхгаҩцәа рыӡбарала.
Аԥҟарақәа инарықәыршәаны, асезон 15-ҩык алахәхоит. Урҭ нас хҩык анапхгаҩцәа ркомандақәа рахь иргоит. Анапхгаҩцәа ркомандақәа рҟынтә анаҩс ҩыџьа-ҩыџьа ахԥатәи асезон аҿы еиндаҭлалоит.
"Аеҵәақәа" удыршанхоит: "Аpsny-Star" ахԥатәи аконцерт
Апроект "Аpsny-Star" еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны – апроект информациатә партниорс иазыҟоуп. Ашоу априз хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.