Акурсқәа шхацыркхо азы уи аҿкааҩцәа алаҳәара ҟарҵеит асоциалтә даҟьақәа рҿы, иақәҿызҭыз рацәаҩхеит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳашыгԥҳа. Урҭ рахьынтә аԥсуаа рыдагьы иҟоуп атәым милаҭгьы лҳәеит лара.
Сариа лажәақәа рыла, 40-ҩык арзаҳал алазҵаз еихшан ҩ-гәыԥкны, аурок мҩаԥыргоит мчыбжьык ахь знык. Иаадкыланы акрусқәа мҩаԥгахоит ԥшьымз.
"Уамашәа иубаратәы иҟоуп - аԥсуа ҿар рыҩнуҵҟа ирацәаҩуп зыхдырра аҽаԥсахыз, зхатәы бызшәа шԥасзымдыруеи ҳәа иԥхазшьо", - ҳәа азгәалҭеит Ҳашыгԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.