Аԥсны

Аԥсны Аиустициа аминистрреи Аӡбарҭатә нагӡаҩцәа рфедералтә маҵзуреи аусеицура иалацәажәеит

Урыстәылатәи Аӡбарҭатә нагӡаҩцәа рфедералтә маҵзура аделегациа уи ахада Дмитри Аристов раԥхьа днаргыланы усуратә ныҟәарала Аԥсныҟа иааит лаҵара 5 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аԥсны Аиустициа аминистрреи Аӡбарҭатә нагӡаҩцәа рфедералтә маҵзуреи аусеицуразы амеморандуми апрограммеи ирылацәажәеит.
Аганқәа ирҳәеит ишазыхиоу активла аусеицура, апрофессионалтә еизыҟазаашьақәа рырҿиара, аӡбарҭатә нагӡарақәа рызҵаарақәа ирыдҳәалоу аԥышәа аимдара.
Урыстәылатәи Аӡбарҭатә нагӡаҩцәа рфедералтә маҵзура аофициалтә ҭаара иалагӡаны Аԥсны Аиустициа аминистрреи Аԥсны Аӡбарҭатә нагӡаҩцәа рмаҵзуреи дареи Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны, иара убас Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа, Аԥсны аҭынчреиҿкааратә миссиа назыгӡоз Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыруаа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.