АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аԥшыхәра мҩаԥызгоз Қырҭтәыла атәылауаҩ Кристине Такаланӡе 10 шықәсеи фымзи лықәнаҵеит азеиԥш режим иаҵанакуа аколониаҿы ахгарала.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала, лара ԥхынгәы 29 рзы дырбаандаҩын, Қырҭтәыла аинтересқәа ирыхәо аԥшыхәра мҩаԥылгон ҳәа ишьаны.
Аӡбаҩ Омар Берулаа Кристине Такаланӡе, Жәыргьыҭ ииз, Гал араион Баҭаигәара (Набакеви) ақыҭан инхо, Қырҭтәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рнапынҵақәа нагӡо, аҳәынҭқарратә, арратә уҳәа Аԥсны азакәан иахьчо амаӡақәа еизылгон иҳәеит.
Кристине Такаланӡе илыдырҵаз ахара мап ацәылкит.