АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Урыстәыла хымԥада адронқәа ржәылара цәажәарыла акәымкәа усла аҭак анаҭоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Ари киевтәи атеррористцәа рыԥшәмацәа ақәшаҳаҭымкәа, дҵаны ирымамкәа иҟарымҵоз усуп. Ҳара асеиԥш ахымҩаԥгашьеи аумҭеи casus belli акәу акәму ҳәа ҳахцәажәо акәымкәа, усла аҭак азаауеит. Ҳачҳара дууп, аха иҟоуп еицырдыруа ажәаԥҟа "аурысқәа акраамҭа рҽазыҟарҵоит, аха нас…" ҳәа, – иҳәеит Лавров абрифинг аҿы.
Иара убасгьы дазхьаԥшит ЕАА рҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен ахада ирезиденциа аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рыла ажәлара иеиҭаз ахәшьара.
"Вашингтон атәы ҳалацәажәозар, сара Тони Блинкен иҳәамҭа азхьаԥшра асҭеит, ЕАА Украина асуверенитет ахьчаразы иалнахуа аметодқәа рзы абжьгара ҟанаҵом ҳәа ахьазгәеиҭаз. Арҭ ажәақәа рыла зегь ҳәоуп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит аминистр.