АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Донбасс ахатәгәаԥхаҩцәа рымш азгәарҭеит Аҟәа, лаҵара 6 рзы.
Аҳҭнықалақь аҟны ауаажәларра злахәыз агәаларшәаратә митинг мҩаԥган. Уаҟа иқәгылеит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Аб Бассариан (Аԥлиа), Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа, Приднестровие аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба.
Ауснагӡатә аҟны 2022-2023 шықәсқәа рзы Донбасс иҭахаз аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа рҭынхацәа аҳамҭақәа рнапаҟны ирырҭеит, иара убас ДЖәР-и ЛЖәР-и ацхыраара рызҭаз аҳамҭақәа ранаршьеит.
Аԥсны Амшынеиқәатә аказақцәа рыр атаман Вадим Мироненко иажәақәа рыла, 14-ҩык ианҭаха ашьҭахь иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа ранашьоуп- Гьаргь Иџьар.
"Гьаргь Иџьар ранаршьоит аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иаадырԥшыз агәымшәаразы, афырхаҵаразы", - иҳәеит Мироненко.
Иара убас, Гьаргь Иџьар ранаршьеит Аб Бассариани Гарри Кәпалбеи. Даҽа 50-ҩык Донбасс ацхраараз еиуеиԥшым амедалқәа ранашьан.
Донецктәи Жәлар Рреспублика ахьӡала амедицина аҟны рылшамҭақәа рзы аҳамҭақәа ранашьан аҳақьымцәа Анзор Гоови Адхас Џьынџьали.
Донбасс ахатәгәаԥхаҩцәа рымш азгәарҭоит лаҵара 6 2015 шықәса раахыс.