Урыстәыла

Захар Прилепин имашьына аԥжәара далахәын ҳәа гәҩарас ирымоу ахаҵа даанкылоуп

Ашьаусҭҵааратә еилакы ашьау хацныркит. Аԥжәара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит ахеилак аппарат хада аусеилыргаҩцәеи акриминалистцәеи.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Захар Прилепин дызҭатәаз амашьына аԥжәара далахәын ҳәа гәҩарас ирымоу ахаҵа даанкылоуп Нижегородтәи аобласт аҟны, абри атәы аанацҳауеит ААР Медиа асаит.
"Нижегородтәи аобласт аҟны даанкылоуп Захар Прилепин дызҭатәаз амашьына аԥжәара далахәын ҳәа агәҩара зызрымоу ахаҵа", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Асабшаҽны, ашьыжь, Захар Прилепин дызҭатәаз амашьына Нижегородтәи аобласт аҟны иԥыржәеит. Арныҟәцаҩ дҭахеит, ашәҟәыҩҩы иакәзар ахәрақәа иоуит. РИА Новости ишаанацҳауа ала, Прилепин ахшыбаҩҵысреи абҩаԥҵәарақәеи имоуп.
Урыстәыла
Захар Прилепин дызҭатәаз амашьына ԥыржәеит