АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аԥсны амшынҭалара асезон рашәарамзазы иаартхоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны АҶА иатәу Аԥсны зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Асабуа.
"Амшынҭалара асезон рашәарамзазы аартра ҳәа ҳгәы иҭоуп. Арыцхә араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәеи ҳареи иалаҳхуеит. Асезон аартразы аплиажқәа зегьы ирыгәу-ирыбзоу рҽеитәуп, амаругақәа рыла еиқәыршәатәуп", - иҳәеит иара.
2022 шықәсазы иҟаз адыррақәа рыла, Аԥсны 20 плиаж ыҟоу. Урҭ рҟынтәи ҵыԥх ишахәҭаз еиԥш еиқәыршәаз ааба роуп.
Аплиажқәа реиқәыршәаразы аԥҟарақәа еилазго ахараԥса иқәҵахоит.