Ҷлоу инхо Иури Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" аҿы еиҭеиҳәеит иҿара ашықәсқәа рзы аԥсҭазаара зеиԥшраз, Асовет Еидгыла аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа акымкәа шианаршьахьаз, 42 шықәса ақыҭа нхамҩа аџьабаа шадибалахьоу. Иара иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭа асоветтә шықәсқәа ирҿырԥшны иманшәалоуп зыбаҩ иацәымаашьо рзы, аха убри аан иазгәеиҭеит ақыҭа азҿлымҳара шаҭаху аҳәынҭқарра аҟынтә, усурҭала ишеиқәыршәатәу аҭыԥ аҟны. Анхаҩы еиҭеиҳәеит иахьазы инапы злаку.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.